Ауaaжәлaррa
Аиҳабыра ҳанырымбо - Антикризистә план анҭыҵ иаанхаз ауааҧсыра
FaceBook Twitter
E-mail Print
Ауааҧсыра рыхәҭак, еиҭах, антикризистә план ахархәара алшара рмоуит. Ас иҟоу ауаа иреиуп зылшарақәа маҷу ауааҧсыра реиҳара. Ацхыраара роуеит лабҿаба иубарҭоу агра змоу, иара убас, 0-18 шықәсанӡа зхыҵуа атәылауаа мацара. Атәылаҿы урҭ рҩыза 43 нызқьҩык иҟоуп. Дара ажьырныҳәа инаркны ҧхынгәы иналаҧхьаӡаны 100 лари ацхыраара роуеит, ари ацхырааразы иазҧхьагәаҭоуп 27 миллион лари. Атәылаҿы зылшарақәа маҷу шаҟаҩы ауааҧсыра иҟоу еилкаам, ари астатистика иҟам. Асоциалтә маҵзура агентра абаза иануп астатус змоу, асоциалтә пакет зхы иазырхәо ауааҧсыра мацара.

2020 шықәсатәи адыррақәа рыла, абаза иалагалоуп 126 851ҩык зылшарақәа маҷу ауааҧсыра, урҭ рҟынтә лабҿаба иубарҭоу агра рымоуп 29 926ҩык, 0-18 шықәсанӡа зхыҵуа - 11 651ҩык. Егьырҭ зылшарақәа маҷу ауааҧсыра цхыраарада иаанхеит.


"Аиҳабырра ҳара ҳарбом "


14шықәса зхыҵуа Ҭамар Джабуа аутисттә спектр абжьысра ачымазара лымоуп. Лара зылшрақәа маҷу ауаҩы истатус лымам, убри аҟынтә, аҳәынҭқарра аҟынтә хықәкылатәи ацхыраара лоуам. Дцәажәоит, ашәа лҳәоит, аҧштәқәа лбоит, насгьы амчыбжь амшқәа реиқәыҧхьаӡара лылшоит, убри аҟынтә, лара ари астатус лықәнагам ҳәа ирыҧхьаӡеит. Аха, аӡҕаб, лан лыда дхәарҭам. Лан, Нестан Биҷваиа ишылҳәаз ала, ас еиҧш иҟоу ауааҧсыра ахәшьара рыҭара акритериқәа аханатә ирыхәаҧштәуп. Зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ирызкны мызқәак раҧхьа ирыдыркылаз азакәан дақәгәыҕуан, аха, абри адокументгьы астатус иадҳәаланы акгьы ианӡам.

"Еиҭах сымацара саанрыжьит. Ахылҵ заҵәык дсымоуп. Сара саныҟамло илыҧсыхәо сыздырӡом. Ари аганахьала аиҭакрақәак ҟамлар, аӡбара садҵаалар акәхоит", - илҳәеит лара.

Апарламенттә аиҳара ахаҭарнак Рати Ионатамишвили ишьақәирҕәҕәеит зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рзы ахадаратә проблемас ишаанхеит амедицинатә модель ашьаҭа ала астатус ашьақәыргылара азҵаара, иара убас, аҭахрақәагьы иахәҭоу хшыҩзышьҭра рызум. Иара азакәан ҿыц дақәгәыҕуеит, асоциалтә модель ала, етапла, аконкреттә ҭахрақәа рышьаҭа ала, ахәшьараҭара асистема ҿыц ашҟа аиасра рылшаратәы.

Ҭамар длеиҧшымкәа, 25 шықәса зхыҵуа зымацара иҟоу ан, Аҧснынтә ихҵәоу Илона Абсанӡе зылшарақәа маҷу ауаҩҧсы истатус лымоуп, аха, уигьы антикризистә план ахархәара лылшом. Даниз лырма напы амахәҿа хырҵәеит, лабҿаба иубарҭоу агра лымоуп ҳәа илыҧхьаӡоит.

5 шықәса зхыҵуа лхылҵи лареи азеиҧшнхарҭа иҩноуп. Зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ртәанччахәи асоциалтә цхыраареи мацароуп ирымоу, убри ала рхы ныҟәыргоит. Социалла ихьчам лҳасабала антикризистә план лхы иалырхәарц азыҳәан абаллқәа лзымхеит.

Зылшарақәа маҷу ауааҧсыра абас ала реиҟәшара ииашоу ииашаму

Абри аҩыза аплан аиқәыршәара аан, ауаа рыхәҭак, еснагь хшыҩзышьҭрада иаанхоит. Ҳәарада, уи ииашам, аха, абас ауп ишыҟоу, - илҳәеит ассоциациа "Деа" анагӡаратә директор Мадона Харебава. Ари аиҿкаара кыршықәса рыҩнуҵҟа зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рзинқәа рзы аус ауеит.

Мадона Харебава лҳәамҭала, лабҿаба иубарҭоу агра змоу ауааҧсыра рыхәҭак ааҧынразы, антикризистә план ахархәара алшара рмоуит. Дара астатусгьы рыман, атәанчаратә ақәра иҭагылан. Ҧаса зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ирызку ацхыраара рхы иадырхәон, нас, ақәратә тәанчахә еиҕьаршьеит. Убри аҟынтә, асоциалтә цхыраара апрограмма ианырхит.

"Аиҳабыра асоциалтә маҵзура агентра астатистика рхы иадырхәоит. Ҳара ҳазлацәажәо ауааҧсыра ари астатистика ианым, убри аҟынтә, хшыҩзышьҭрада иаанхеит. Раҧхьатәи ацәқәырҧа аан урҭ рыхәҭак арзаҳал алаҵаны, антикризистә план ахархәара алшара роуит. Егьырҭ икьасаны еилыркааит асиа ишанымыз", - илҳәеит Мадона Харебава.

Асоциалтә маҵзура агентра Гыртәыла – Хыхьтәи Шәантәыла агентра аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Наталиа Қириа ишылҳәаз ала, ас еиҧш иҟоу атәылауаа астатус зыршаҳаҭуа адокумент цәырырган, акомпенсациа роуит. Лара лажәақәа рыла, цхыраарада аӡәгьы днымхеит, аха, џьоукы мызкы рцәыӡит, егьырҭ ҩымз. Дара аханатә адокументқәа рцәыргара рықәшәом.

"2021 шықәса ажьырныҳәа 1 ашьҭахь лабҿаба иубарҭоау агра змоу зылшарақәа маҷу ауаҩы истатус шьақәзыргыло ауааҧсыра анеҩстәи амза инаркны ацхыраара роуеит, ақәҵара ала иазҧхьагәаҭоу аамҭа аҟнытә иаанханы иҟоу амзақәа рыҩнуҵҟала", - илҳәеит лара.

Мадона Харебава лажәақәа рыла, зхәыҷраахыс зылшарақәа маҷу ауааҧсыреи изаҵәу атәылауааи ари аплан иалахәызар акәын. Аҳәынҭқарратә биуџьет шдуумгьы, ари аҧара ииашаны ишазар акәын.

Аиҳабыра ирҳәо

Аҳәынҭқарратә цхыраара зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рыхәҭа заҵәык изрырҭои, аиҳабыраҿгьы агәабзиарахьчара аминистрраҿгьы ари азҵааразы аҭак ҳарымҭеит. "Ақырҭуа гәахәтәы" аҟынтә апарламент алахәыла Рати Ионатамишвили иазхеиҵеит абас ала ауаа реизшара шиашам. Иара иҳәамҭала, дара зылшарақәа маҷу ауааҧсыра зегьы ацхыраара рыҭаразы абжьагара ҟарҵеит. Аха, адепутат ишиҳәаз ала:

"Атәылақәа рацәа рҿгьы еиқәыршәоу апланқәа рҿы зылшарақәа маҷу ауааҧсыра хықәкылатәи агәыҧ иазҧхьагәаҭам. Ари аганахьала, ҳара аплан ҷыда еиқәҳаршәеит, инеизакны аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара роуит 50 нызқь аҭаацәарақәа".

Адепутат иҳәамҭала, асоциалтә модель ашҟа ианиаслак, атәыла иаҳа ииашоу астатистика ашҟа аиасра алшоит, усҟан, иарбанзаалак апрограмма ма аполитика иаҳа ииашаны аиқәыршәара рылшоит.

Ааҧынразы, раҧхьатәи ацәқәырҧа аан, арегион аҿы хықәкылатәи ацхыраара роуит 4 284ҩык зылшаарақәа амҷу ауааҧсыра. Абҵаразы иҟаз адыррақәа рыла, Гыртәыла – Хыхьтәи Шәантәыла арегион аҿы 3 866 ҩык 0-18 шықәсанӡа изхыҵуа ауааҧсыреи лабҿаба иубарҭоу агра змоу атәылауааи ацхыраара роуит. Инеизакны арегион аҿы асоциалтә цхыраара апакет рхы иадырхәоит 12 648ҩык зылшарақәа маҷу ауааҧсыра.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит
18:07 / 21.09.2021
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит "метадон" аҧсахратә терапиа апрограмма ихы иаирхәоижьҭеи.
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа
инрықәыршәаны,
18:03 / 21.09.2021
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны,
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы
иуоуам,
22:14 / 24.07.2021
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы иуоуам,
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
19:48 / 25.05.2021
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала