Ауaaжәлaррa
Акерамикатә ҟазарҭа аҧсҭазаара ҿыц апандемиа аан [афото]
Абри – аҵыхәтәантәи аамҭазы аус здызуло апано ауп, - аҟазарҭа адашьма иқәу, макьана ихыркәшам аусумҭа ҳирбоит асахьаҭыхҩы-акерамик Роберт Абсанӡе. Апандемиа шыҟоугьы, абра есымша, ақырҭуа аџьуҳар ала ирҧшӡаны, аҳамҭаҷқәеи ачысмаҭәеи ҟаиҵоит. Апано зегьы реиҳа идуу адекорациа акәхоит, хара имгакәа, уи "Оркол студиа" афасад аҿы икнарҳауеит.

Аҟазаҩ мацара иакәӡам абри аҧҵамҭа аус адулара апроцесс иазҿлымҳау, атуристцәагьы, аҟазараҭа иаҭаауа асасцәагьы уи интересс ишьҭырхит. Атехникатә детальқәа инарываргыланы, Роберт Абсанӡе дара колхидатәи акультура иазкны ирзеиҭеиҳәоит. Абри ажәытәӡатә аҭоурыхтә мотив иусумҭақәа зегьы ирнубаалоит. Абраҟа ижәбоит игәылҟаау ақырҭуа анбани, еиуеиҧшым аамҭақәа раан ақырҭуа аҳцәа иаҧырҵаз амонетақәеи. Абарҭ амаҭәарқәа Ҵаишьи археологиатә жрақәа раан ибеит. Иара ихаҭагьы ажрақәа дрылахәын. Анеҩс, иибаз зегьы апано аҿы ааирҧшыр иҭаххеит.

"Макьана ирацәаны аус адулатәуп. Цқьа исыздырӡом. Аусумҭа ахыркәшаразы мызкы, ма мызкибжаки сҭаххар ҟалап. Нас, аҧштәы ахаҵаны, аҭӡамц аҿы икнаҳатәуп. Саналгалак, абри аусумҭа сҟазарҭа анырҧшӡалак, ауаа зегьы иазҿлымҳахар ҟалап, ҷыдала атуристцәа. Иааны исазҵаауеит уалбалго ҳәа", - иҳәеит асахьаҭыхҩы-акерамик "Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз.

Иаргьы апандемиа амшала азарал иоуит. Ҧаса, ақырҭуа аҳамҭаҷқәа Қарҭи, Қәҭешьи, Баҭыми ибзианы иҭиуан, аха, уажәы, аҭагылазаашьа аҽаҧсахит. Атуристцәа маҷуп, убри аҟынтә, аҭыҧантәи аџьармыкьа мацараҿ аус иуеит.
Ицхраауаз иусзуҩцәа иоужьҭны, аҟазарҭа аркра иқәымшәарц азыҳәан, иҭаацәара алахәылацәа ицхраауеит. Иҳаҩсыз амзақәа даараӡа иуадаҩын, уи ихашәалагьы ианыҧшит, аиаша уҳәозар, хашәак ҳамамкәа ҳаанхеит ҳәа иҳәеит.
Анеҩс, аусура еиҭалаган, ахархәаҩ даҽа дизаинк ала иҟаҵоу аусумҭақәа идаргалар рыӡбеит. Аҵаҩцәагьы ргеит, разыҟаҵара иаҿуп, аха, ҧасатәи русзуҩцәагьы абри аус иазыхынҳәып ҳәа игәыҕуеит.

Ахархаҩцәа зегьы реиҳа иргәаҧхоит амыҵмыџьи адәкамеи рсахьақәа рыла ирҧшӡоу ачысмаҭәа. Ҳара уаҟа ҳаныҟаз, Роберт Абсанӡе иҧҳа, асахьаҭыхҩы Цира Абсанӡе амыҵмыџь асахьы зықәҭыху ачаиршыга ҟалҵон. Цира ишылҳәаз ала, лан лоуп ачысмаҭәа амыҵмыџьқәа рыла рырҧшӡара иаҧшьазгаз. Лара леиҧшҵәҟьа, аҭаацәара егьырҭ алахәылацәагьы анышәаҧшь аус адулара раб иҿырҵааит.

"Саб дконсерваторуп, анышәаҧшь аҿы аклассикатә џьуҳарқәа бзиа ибоит. Амыҵмыџьқәа рҭыхра ҳаналага, уи анышәаҧшь ианаалом, аха, ибҭахызар, бзиоуп, бгәы бырҿыхап ҳәа иҳәеит. Адәкама асахьалагьы ачысмаҭәа ҟаҳҵеит, ахархәаҩцәа даараӡа ишыргәаҧхаз анааба, ари аус наҳагӡеит. Уажәы сбаҩхатәра зегьы, сгәазыҳәарақәа зегьы амыҵмыџьи адәкамеи рышҟа ииазгоит", - иҳалҳәеит Цира.

Ҳәарада, апандемиа амшала, русумҭақәа ҧасеиҧш ирзыҭиуам, аха, аҟазарҭаҿы иаҳа ирацәаны аамҭа мҩаҧыргоит, арҿиамҭазы иаҳа аамҭа рымоуп. Ааҧсарак рныруам, иазбанзар, гәыкла бзиа иубо аус аныҟауҵо, абри апроцесс уарааҧсаӡом, еиҳангьы, лара лзы уи атерапиоуп.

"Уара ухала ак анаҧуҵо, уи агәахәара ду узаанагоит, ҩ-маҭәарк еиҧшны хаангьы иузыҟаҵом, рызынтәгьы еиҧшым, уигьы даараӡа сеигәырҕьоит. Сара схәыҷраахыс абри аус снапы алакуп. Схәыҷраахыс абри сахәаҧшуан. Саб абас ауп дшыҟоу, ак аныҟаиҵо, ҳивагылазароуп, зны-зынла абжьагарак иаҳҭарц, ма ҳицхраарц азыҳәан. Еснагь абра ҳаҟазар акәын, абас ауп абри аус шаҳҵаз", - иҳалҳәеит Цира.

Роберт Абсанӡе макьана издырӡом аҟазарҭа ҧасеиҧш аусура ианалаго. Апандемиа аан азҧхьагәаҭарақәа рыҟаҵара уадаҩуп. Уажәазы асахьаҭыхҩы-акерамик авакцинациа мацара дақәгәыҕуеит, ҩышықәсатәи ааҭгылара ашьҭахь, аенергиа ҿыц ала, гәыкала бзиа ибо аус аҟаҵара наигӡарц азыҳәан.