Ауaaжәлaррa
Асоциалтә медиа абзоурала афермерцәа акәатра ишацәцаз [афото]
FaceBook Twitter
E-mail Print
Акоронавирус ахкҿыц апандемиа иадҳәаланы Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа рымшала абизнес маҷ азарал ду аиуит. Ҷыдала рҭагылазаашьа цәгьахеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ ала ихәаахәҭуаз ауааҧсыра. Жәыргьыҭ, фермерк ипомидор аҽаҩра изымҭикәа, 4 тоннак апомидор каижьит. Даҽа фермерк 1 тоннак анаша зсоциалтә ҭагылазаашьа цәгьоу ауааҧсыра ҳамҭас ириҭеит. Афермер ҧҳәысгьы лгәилқәа рзымҭиит, ҧаса лара шықәсык ала, жәыргьыҭтәи адәқьанқәеи аџьармыкьеи рҿы 5 нызқь цыра агәилқәа еизакны илҭиуан. Жәыргьыҭтәи даҽа фермеркгьы 3 тоннак ауҭраҭых ицәыҧхасҭахеит.

Уезгьы еснагь аџьабаа ду збоз афермерцәа, апандемиа аан рҭагылазаашьа аныцәгьаха, асоциалтә медиа рхы иадырхәарц рыӡбан, онлаин арежим аҿы раалыҵ аҭира иалагеит. Аинтернет ахьыҟам ақыҭақәа ирықәынхо афермерцәа уигьы рылымшеит, раалыҵ рзымҭиит.

Афермер қәыҧш Гьаргь Гергедава Цаишьи ақыҭаҿ арҧхарҭа имоуп, абио технологиа ала анаша ааирыхуеит. Ишиҳәо ала, ҵыҧх аҽаҩра аҭира аганахьала изакәызаалак проблемак имамызт, убри аҟынтә, асоциалтә аҳа ала ахаан аҽаҩра имҭиицт. Сынтәа, аҽаҩра ҧхасҭамтәкәа, зсоциалтә ҭагылазаашьа цәгьоу ауаа ириҭарц азыҳәан, Феисбуқ аҿы аинформациа аниҵеит. Аханатә ари аҧшьгара иадгылеит „Лаивпресс“ мацара, анеҩс, егьырҭ амедиахархәақәагьы ақәҿырҭит. Нас, абри алшара ихы иархәаны, Аџьар ҟаҧшь ахалагәаҧхаҩцәа рыцхыраара ала, аҽаҩра хәҭак амалаҳа ауаа ирзишеит. Агәыҳалалратә акциа иазкыз аинформациа абзоурала, афермер қәыҧш ибизнез еиқәирхеит.

„Уажәшьҭа Феисбуқ ала исзырҩуеит: иахьа снеины абри аҟара ашана згоит ҳәа. Заанаҵы адырра сырҭоит. Ирмазеины ирысҭоит. Аџьармыкьа аҵкыс иаҳа ахә мариала ирысҭоит“, - иҳәеит Гьаргь Гергедава.

Афермер Зураб Гулуа иҽаҩра аиҳара ицәыҧхасҭахеит, иара Жәыргьыҭ, Давиҭиани ақыҭаҿ, асалаҭ абыҕьқәеи, аброкколи, иҧшшәылоу ахәылрҳәи ааирыхуеит. Акоронавирус ахкҿыц иадҳәаланы ишьақәыргылаз аҧкрақәа рымшала, иҽаҩра изымҭиит. Афермер ишҳаиҳәаз ала, иҧҳәыси иареи иаамҭаны ирзымхәыцит аҽаҩра асоциалтә аҳала ирҭиир шыҟалоз.

„Ҳара иҳазку аинформациа аналаҳарҵәа ашьҭахь, иааны ауҭраҭых аархәеит, аха, рыцҳарас иҟалаз, ауҭраҭых хәҭак иаҳцәыҧхасҭахит, ашәҭра иалагеит“, - иҳәеит афермер.

Асоциалтә аҳала қәҿиарала аҽаҩра аҭира иаҿуп „Аргәыцтә ҩны“. Афермер Нино Торуа Аҧсны иаҧну Рухи ақыҭаҿ аҵыҵындратә нхамҩа лымоуп. Афермер ҧҳәыс ишылҳәо ала, уажәазы Феисбуқ ала аҿаҵатәқәа лоуеит, уаанӡа лҽаҩра уадаҩрада илҭиуан.

„Ҵыҧх, бжеиҳарала, ахаатәыҟаҵарҭақәа ирзысҭиуан, аха, аепидемиа амшала, урҭ андыркы, асоциалә аҳа схы иасырхәо салагеит, уи алагьы хар сымамкәа исҭиуеит. Уажәшьҭа ауаа рхала аҿаҵатәқәа сырҭоит. Аалыҵ сцәыҧхасҭахом“, - илҳәеит Нино Торуа „Лаивпресс“ акорреспондент данлацәажәоз.

Жәыргьыҭтәи даҽа фермеркгьы, асоциалтә аҳаи ауаа реидгылареи лхы иархәаны, лбизнес еиқәлырхеит. Кахаҭи ақыҭаҿы ашәҭқәа рырҧхарҭа змоу Назо Џьиқьиа, асезон азы 5000 цыра агәилқәа ҿыхны, аџьармыкьаҿы 1 лари ҳәа еизакны ирылҭон. Аҩны еиҿкааны ирымоу арҧхарҭа алоуп аҭаацәара рхы шныҟәыргоз. Сынтәа агәилқәа рыҭира лцәыуадаҩхеит. Убри аҟынтә, лҭаца Феисбуқ аҿы агәилқәа ирызку аинформациа анылҵан, иаразнакҵәҟьа алҵшәа бзиа лоуит, мызкала 315 цыра агәилқәа лҭиит:

„Аханатә, аинформациа аналаҳарҵәа, аахәаҩцәа рацәаны иаҳҭааит, аха уажәы имаҷхеит. Уажәы еиҭах аинформациа аларҵәара ҳалагеит. Арахь иаауа иҟоуп, џьоукы уахьгьы ирызназгоит. Сара Феисбуқ сымам, изакәыгьы сыздырӡом, сҭаца лоуп аинформациа алазырҵәо. Уаанӡа сара аинтернет схы иасырхәомызт, аха, уажәы, уи ада ҳхәарҭам, ача злаасхәашаз сымамызт, аинтернет даараӡа исыцхрааит “, - илҳәеит Назо Џьиқьиа.

Лара ишылҳәаз ала, лқыҭаҿы зҭагылазаашьа цәгьоу афермерцәа рацәоуп. Аалыҵ рымоуп, аха ирзыҭиуам. Назо Џьиқьиа лажәақәа рыла, егьырҭгьы , лара леиҧшҵәҟьа, асоциалтә аҳа рхы ишадырхәаша рыздырӡом, ма аинтернет рымам.

Асоциалтә медиа ала аалыҵ аҭира аганахьала аҧхьагылара лымоуп даҽа ҳреспондентк, аҟазарҭа „Еко анаплых“ашьаҭаркҩы Ека Џьологуа. Лара напыла иҟалҵо аксессуарқәеи адекорациақәеи Феисбуқи Инстаграмми рыла илҭиуеижьҭеи акыршықәса ҵуеит. Ишылҳәо ала, ахархәаҩ аалыҵ игәаҧхарцаз, аалыҵ ахаҭа ишахәҭоу еиҧш ицәыргатәуп. Ека афермерцәа ирыбжьалгоит раалыҵ иазку аинформациа лассы-лассы идырҿыцларц, ауаа адзыҧхьалаша афото ма авидеонҵамҭақәа цәырыргаларц.

„Иахьсылшо зехьынџьара аҳәара саҿуп, амаҭәарқәа ахьцәыругаша адәқьан умамзаргьы, уи акәӡам аус злоу. 21-тәи ашәышықәсазы, ҳаамҭазы,Феисбуқ адаҟьа ахархәаразы ахшыҩ ду аҭахым... Иуҭиир иуҭаху аалыҵ лассы-лассы иӡыргатәуп, аинформациа ирҿыцтәуп.Сара схатә веб-даҟьа сымоуп, аха уи ала аҿаҵа смоуӡацт, бжеиҳарала,асоциалтә аҳа алоуп ишсоуа“, - иҳалҳәеит Ека Џьологуа.

Акоронавирус ахкҿыц апандемиа амшала, атәылаҿы даӡәымкәа афермерцәа азарал ду роуит. Асоциалтә медиаҿы лассы-лассы ишәҧылоит афермерцәа рыцхырааразы атәылауаа ацәырырго еиуеиҧшым аҧшьгарақәа, аха урҭ рыла афермерцәа зегьы узрыцхраауам.

Акоронавирус ахкҿыц амшала, хәажәкыра 21 рзы атәылаҿы аҭагылазаашьа ҷыдеи акоменданттә сааҭи алагалан, ари арежим иахьанӡагьы инагӡоит. Хҩык иреиҳаны ауааҧсыра ҭыҧк аҿы еизар ҟалом, ауаажәларратә транспорт аус ауам. Ақыҭанхамҩатә џьармыкьа дуқәеи адәқьанқәеи убри аҽныҵәҟьа иадыркит. Афатәаалыҵ адәқьақәа мацара аус руеит, аха, уаагьы аҧҟара ҷыдақәа ихьчатәуп. Иара убас, иахьанӡа иаркуп ақалақь дуқәа: Қарҭи, Қәҭешьи, Баҭыми, Русҭавии.

Аҭагылазаашьа ҷыда алагалара инаркны мызкы анҵы, Қырҭтәыла аиҳабыра, акоронавирус ахкҿыц иахылҵыз акризис аҧыхра иазку аекономикатә план цәырыргеит. Аплан инақәыршәаны, абизнесгьы аусурҭа зцәыӡыз ауааҧсырагьы афинанстә цхыраара роуеит. Зыӡбахәы ҳәоу аплан анагӡаразы, аиҳабыра 3.5 миллиард лари инырхраны иҟоуп.

Аплан инақәыршәаны, мшаҧы 27 инаркны, Қырҭтәыла зехьынџьара, етапла, ақыҭанхамҩатә џьармыкьақәа зегьы аадыртит. Иара убас, лаҵара 5 инаркны, аргыларатә еилахәырақәеи, аргыларатә маҭәахәқәа ҟазҵо ааглыхырҭақәеи, амашьынақәа рыӡәӡәарҭақәеи, амашьынақәа рырҽеиратә маҵзура аобиектқәеи аусура еиҭалагеит. Лаҵара 11 инаркны аусура еиҭалагоит амҩантә аҩналарҭа змоу адәқьанқәа зегьы, ашәҵатәи ашьаҵеи рыла ихәаахәҭуа адәқьанқәа рыда.

Антикризистә план инақәыршәаны, ахыбра аҩнуҵҟа иҟоу аџьармыкьақәеи, аресторанқәеи, акрыфаратә обиектқәеи ахәбатәи аетап азы иаадыртыроуп, ари аетап рашәара анҵәамҭазы ма ҧхынгәы алагамҭазы иалагоит. Аха, абарҭ ауснагӡатәқәа зегьы Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахьыҧшны ауп ишымҩаҧырго.

Covid-19 раҧхьатәи афакт Қырҭтәыла иаарҧшын жәабран 21 рзы.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит
18:07 / 21.09.2021
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит "метадон" аҧсахратә терапиа апрограмма ихы иаирхәоижьҭеи.
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа
инрықәыршәаны,
18:03 / 21.09.2021
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны,
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы
иуоуам,
22:14 / 24.07.2021
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы иуоуам,
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
19:48 / 25.05.2021
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала