Акоронавирус
Акоронеи афатәи - Ацитрусқәа анышәфо иазҧхьагәаҭатәу
FaceBook Twitter
E-mail Print
Covid-19 аҿагылара аан, егьырҭ авирусқәа рыҿагылара аан еиҧшҵәҟьа, аҵакы ҷыда амоуп аиммунитет арҕәҕәара. Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара иаҿуп, убри аҟынтә, ари атема иаҳа актуалра аиуит. Ишырҳәо ала, Covid-19 ала ичмазаҩхаз ауаҩы ҷыдала изеиҕьуп ацитрусқәеи, аимбири, аџьыши. Џьоукы ишырҳәо ала, абанан ашьа ажәпара ацнаҵоит, убри аҟынтә, акоронавирус ҿызкааз ауаа атромбоемболиа рмыхьырц азыҳәан, абанан афара рыхәҭам. Абри зегьы иахьынӡаиашоу, насгьы, зыӡбахәы ҳәоу афатәаалыҵ шаҟа ифатәу азы ҳиацәажәеит аендокринолог Лаша Учава.

Иара ишиҳәаз ала, акоронавирус ахкҿыц аларҵәара ианаҿу аамҭазы, аҵакы ҷыда амоуп изҩыдоу аҧсҭазаара аҧҟарақәа: изҩыдоу афатәи, махәҿалатәи активреи, ацәара ииашеи. Аендокринолог ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу абжьагара ҟаҵоуп Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә аиҿкаара ала.

„Арчара ииаша апринципқәа рыла иазҧхьагәаҭоуп абаланс зызу арационалтә арчара, ауаҩы ицәеижь иалазароуп амакро-микро елементқәа зегьы, ашшақәеи, ацилқәеи, арацәаӡқәеи. Конкретла, ацитрусқәа ирыдҳәаланы исҳәар сҭахуп, ҳәарада, аӡынтә сезон азы урҭ рыдкылара аҵакы ду амоуп, избанзар С авитамин рылоуп, аха иарбанзаалак аалыҵ, мышкала уи иудукылаша адоза амоуп. Мышкала 0,5 кьыла ашәыр шәыдышәкылароуп, ацитрусқәагьы абри адоза еиҳаны ишәыдышәкылар ҟалом...

Алимон дараӡа ишәзеиҕьуп, избанзар уи ашьа арҵаҕара иацхраауеит. Аха, ҳара иаадыруазароуп уи ахәышәтәратә хархәага шакәым, уи аиммунитеттә система аусура азгьы ашьа арҵаҕаразгьы апревенциатә хархәагоуп, аха алимон ирацәаны ишәыдышәкылар, шәыца аканҵлахҟьа иаҧырхагахар ауеит. Убри аҟынтә, мышкала цырак алимон еиҳаны адкылара иахәҭам. Уи адкыларагьы ахатә ҧҟара амоуп - цырак алимон 1,5-2 литра аӡала ирҵаҕаны, хәыҷы-хәыҷла ижәжәлар еиҕьуп“, - иҳәеит Лаша Учава „Лаивпресс“ акорреспондент данлацәажәоз.

Аендокринолог ишьақәирҕәҕәеит аимбири, алимони, аӡи ркомбинациа аиммунитет арҕәҕәаразы ишыбзиоу. Лаша Учава иажәақәа рыла, ари амаҭәашьар ауаҩы икапан ариашаразгьы ибзиоуп, апандемиа аан уигьы аҵакы ду амоуп, избанзар авирус ҿызкааз ауаҩы имцхәны ажьы икызар, уигьы ҷыдала ишәарҭоу афакторқәа иреиуп.

Абанан афара иахәҭам ҳәа аларҵәара зауз аинформациа иадҳәаланы Лаша Учава ишиҳәаз ала, абанан ашьақар рацәаны алоуп, ашьа ажәпара ацнаҵоит, аха, иажәақәа рыла, араагьы, егьырҭ афатәхкқәа рыдкылара еиҧшҵәҟьа, шаҟа уфо ауп ахадаратә ҵакы змоу. Ҽнакала цырак абанан шәфар шәылшоит, избанзар иалоу акалиуми амагниуми агәытә жьыеҵәа аусура иацхраауеит.

„Аџьышгьы сазааҭгылар сҭахуп, уи иалоу амаҭәахәқәа – антиоқсидантқәа ахац бзиақәа анырра цәгьа аҟынтә рыхьчара иацхраауеит, аиммунитетгьы арҕәҕәоит, аӡынтә сезон азы, ҷыдала апандемиа аан, уи аҵакы ду амоуп. Аха, ҽнакала 2-3 ацақәа иреиҳаны ишәфар ҟалом, избанзар азҭра иаҧырхагахар ауеит, убри амшала еиуеиҧшым асимптомқәа ҿиаар ауеит“, - иҳәеит Лаша Учава.

Иара убас, аендокринолог, ииашаны аӡыжәра ҳабжьеигоит - шәыкапан инақәыршәаны ҽнактәи адоза ҳәаақәҵатәуп (ҳакапан 0,033-ла ишьҭыхтәуп, иҳауа ацифра ауп ҽнакала иҳадаҳкылараны иҟоу аӡы анорма); ҽнакала 4-5нтә абаланс зызу, хырҳагара злоу афатәаалыҵ ҳадаҳкылароуп: акәац, аҧсыӡ, ауҭраҭых, ашәыр, ахш аалыҵ. Ашьақари аџьыкхыши злоу афатә излауа ала имаҷзар еиҕьуп.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Акоронавирус ахкҿыц апандемиа ианалага инаркны иахьанӡагьы,
23:27 / 27.11.2020
Акоронавирус ахкҿыц апандемиа ианалага инаркны иахьанӡагьы,
ზუგდიდის მაცხოვრის კარის ეკლესია, 1924 წელს საბჭოთა ოკუპაციის
წინააღმდეგ
14:50 / 24.02.2020
ზუგდიდის მაცხოვრის კარის ეკლესია, 1924 წელს საბჭოთა ოკუპაციის წინააღმდეგ
ზუგდიდელი სოციალ-დემოკრატი კონდრატე შამათავა,
16:12 / 28.01.2020
ზუგდიდელი სოციალ-დემოკრატი კონდრატე შამათავა,
ოკუპირებული გალის რაიონის სოფელ ოტობაიაში დაბადებული ბოკო ბელქანია
10:40 / 25.01.2020
ოკუპირებული გალის რაიონის სოფელ ოტობაიაში დაბადებული ბოკო ბელქანია
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала