Аилыркaaрa
Егры нхыҵ инхо ауааҧсыра алаҵа ҟарҵарцаз, Жәыргьыҭ агәҭангьы акабинет рзаадыртуеит - аҳәынҭқарра ахаҭарнак иҟны аинтервиу
FaceBook Twitter
E-mail Print
Ҧхынгәы инаркны атәылаҿы аиммунизациа апроцесс дырласырц ргәы иҭоуп, абри аплан ала иазҧхьагәаҭоу, насгьы, Егры нхыҵ инхо ауааҧсыра аиммунизациа апроцесс аҽалархәра рылшоу рылымшоу, - абарҭ азҵаарақәа рзы "Лаивпресс" акорреспондент длацәажәеит Гыртәыла – Аҩадатәи Шәантәыла арегион аҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак Гьаргь Гугучиа.

Лаивпресс: Салам шәымаз, шәара уажәааноуп аҳәынҭқарра ахаҭарнакс шәаныҟарҵа, аха, уезгьы, шәгәы ишҧаанаго, ҳрегион аҿы аковид аҽыхьчаратә вакцинациа апроцесс аласра абас измаҷуи?

Гьаргь Гугучиа: Салам шәымаз. Сшәықәшаҳаҭуп, ҳәарада, аласра ацҵатәуп, аха, иҳаҩсыз амзақәа ирҿаҳарҧшыр, аҭагылазаашьа еиҕьхеит. Акоординациатә хеилак аплан еиқәыршәаны ирымоуп. Ҳара, аҭыҧаҿы, амуниципалитетқәа инрықәыршәаны, аплан ҳақәныҟәоит. Иахьазы ауааҧсыра зыхьчаша, анормалтә ҧсҭазаара зырхынҳәша ахархәага заҵәык ауп иҟоу, уи авакцина ауп, убри аҟынтә, аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәаз амилаҭтә план инақәыршәаны, авакцинациа апроцесс ҳарҭбаауеит. Иахьазы арегион аҿы алаҵа ҟарҵахьеит 9000ҩык раҟара ауааҧсыра, 1623ҩык атәылауаа арегистрациа иахысхьеит.

Лаивпресс: Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе Жәыргьыҭ даныҟаз ишиҳәаз ала, ҧхынгәы инаркны атәылаҿы, Гыртәылагьы, аиммунизациа апроцесс иаҳа активла имҩаҧыргоит. Аиммунизациа апроцесс арласра иаанагои?

Гьаргь Гугучиа: Аиммунизациа апроцесс арласра ала иазҧхьагәаҭоуп иакымкәа ауснагӡатәқәа ракзаара. Ҳара арегионалтә штаб аҿы аиҧылара мҩаҧганы, аиммунизациа амилаҭтә план инақәыршәаны, аиммунизациа аҭыҧантәи аплан ҳахәаҧшны ишьақәҳарҕәҕәеит. Аҭыҧаҿы алаҵа ззыҟаҵатәу аконтигент раарҧшреи, реизгареи, асервис рзеиқәыршәареи аҿы аҵакы ҷыда амоуп абри апроцесс аҿы аҭыҧантәи анапхгара рылахәызаара. Гыртәыла – Аҩадатәи Шәантәыла аоперациатә штаб аҟны ҳаиқәшаҳаҭны, амуниципалитетқәа рнапхгаҩцәеи агәабзиарахьчара аусхкы ахаҭарнакцәеи ҳарҧылан, авакцинациа аҭыҧантәи аплан апроект ҳалацәажәеит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп: иаҭаххар, амассатә вакцинациа ацентрқәа раҧҵаразы иацҵаны аҭыҧқәа реиҿкаареи, алаҵақәа ҟазҵо аперсонал зхаҭабзиара ҳараку аинтернет ала реиқәыршәареи, гәыҧқәак алаҵақәа рзыҟаҵаразы агеографиатә ганахьала ишырзыманшәалоу ала атранспорт ала реиқәыршәареи, уи абзоурала, ақыҭауаа алаҵа акабинетқәа рахь анеира рзымариахоит. Иара убас, алаҵақәа ҟазҵо абригадақәа ҩынтә иаҳа ирацәахоит, уигьы авакцинациа апроцесс арҭбара иацхраауеит. Убри адагьы, аиҳабыреи, Агәабзиарахьчара аминистрреи, Ачымазрақәа рхылаҧшра амилаҭтә центри аинформациатә кампаниа мҩаҧыргоит. Ҧхынгәы 1 инаркны аиммунизациа апроцесс ҳарҭбаауеит. Аласра ҳармаҷуам ҳәа сгәы иаанагоит, излауа ала ирацәаны ауааҧсыра алаҵақәа рзыҟаҳҵоит.

Лаивпресс: Арегион аҿы аиммунизациа апроцесс арласра иазкны аинформациа аналаҳарҵәа, аҧхьаҩцәа азҵаара разцәырҵит ауааҧсыра зегьы хымҧада алаҵа ҟарҵароума ҳәа?

Гьаргь Гугучиа: Абри азҵаара иадҳәаланы иаҵшьны иазгәаҭатәуп ауаа алаҵа шыҟарҵо рхатә ҭаххарала. Аха, ҳрегион аҿы акоронавирус амшала иҧсхьеит 314ҩык ауааҧсыра, уи ҳзызхәыцша арбагоуп. Авакциноуп авирус аҵархаразы ахархәага заҵәыс иҟоу. Агәра ганы сыҟоуп ҳтәылауаа рхатә гәабзиарагьы егьырҭ ауаа ргәабзиарагьы ишеиҷаҳауа, атәылауаҩратә ҭакҧхықәра аарҧшны, алаҵа шыҟарҵо, избанзар авирус аҿагыларазы ахархәага заҵәык ауп иҟоу, уи авакцина ауп.

Лаивпресс: Ишдыру ала, Егры нхыҵ инхо ауааҧсыра атәыла анапхгара ирыдаргалаз авакцинақәа рхы иадырхәом. Жәаҩык раҟара роуп алаҵа ҟазҵаз. Абри ахырхарҭала планқәас ишәымои?

Гьаргь Гугучиа: Дара Рухтәи ахәышәтәырҭа иадҵааланы, аҭыҧаҿы арегистрациа иахысны, алаҵа ҟарҵар рылшоит. Дара ари аинформациа роуеит ацҳа ианахыслак, атестирра аан, даргьы абри аганахьала активра аадырҧшуам, аха, авакцина ахархәара алшара аизырҳаразы, ақалақь аҿы апункт рзаартра ҳгәы иҭоуп, дара уахь инеины, арегистрациа адагьы алаҵа ҟарҵар рылшоит. Арҭ ауаа, бжеиҳаарала, ақалақь агәҭаны иҟоу ахәаахәҭратә обиектқәеи аџьармыкьеи рхы иадырхәоит, убри аҟынтә, уааҵәҟьа, ақалақь агәҭаны, алаҵа ахьыҟарҵаша аиммунизациа акабинет рзааҳартуеит.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы,
атәылаҿы авакцинациа
20:09 / 14.10.2021
Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы, атәылаҿы авакцинациа
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи
зехьынџьара авирус
16:34 / 23.07.2021
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи зехьынџьара авирус
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи
алитературеи
11:39 / 14.07.2021
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи
Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа
00:12 / 11.07.2021
Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала