Асоветтә репрессиақәа
Асоветтә режим ахаҭарнакцәа иршьыз Отобаиатәи ахаҵа, ажәлар иара иҭаацәарагьы арепрессиа рзыруит [авидео]
FaceBook Twitter
E-mail Print
Импыҵахалоу Галтәи араион Отобаиа ақыҭаҿ ииз Боко Белқаниа асоветтә режим ахаҭарнакцәа „аҳәынҭқарра аҧсахра“ ихарарҵан, 1937 шықәсазы дыршьит.

Зықәра дуумыз афермери ҩыџьа иаб иашьаиҧацәеи ааныркылеит. Иҭаацәара иара Архангельсктәи аокруг аҿы ахгараҿы дыҟоуп ҳәа акәын ишырдыруаз. 45 шықәса зхыҵуаз ахаҵа иҧҳәыс Жениа Ҵиҵава хҩык лхәыҷқәа лыманы, лымацара ақыҭаҿ даанхеит.

Лыҧсы ахьынӡаҭаз, лхаҵа ихынҳәра дазыҧшын. 74 шықәса шылхыҵуаз, Жәыргьыҭ лыҧсҭазаара далҵит лхаҵа Боко Белқаниа иқәырҵаз азыӡба атәы лзымдыруа. Аҭаацәара аиаша еилыркааит шықәсқәак раҧхьа, иршьыз ахаҵа имаҭа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу архивтә материалқәа анҭылҵаа. Ишеилкаахаз ала, Боко Белқаниа игәыдҵаны дыршьит, иара иаб иашьаиҧацәа ахгараҿы иҭахеит.

Русико Белқаниа. Арепрессиа ззыруз имаҭа

Боко Белқаниа имаҭа Русико Белқаниа асоветтә режим ахаҭарнакцәа лабду дызқәдыршәаз аҧеиҧш цәгьеи уи иҭаацәара ирхыргаз арыцҳареи атәы ҳзеиҭалҳәеит.

Галтәи араион аҿы Белқаниаа рҭаацәара ибзианы ирдыруан, избанзар Боко Белқаниа иаб, Ефе Белқаниа, Отобаиа ахылаҧшҩы, ақыҭаҿы ашкол ааиртит, уаҟа аҵара рҵар рылшон агәылара иҟаз ақыҭақәа ирықәынхоз ахәыҷқәагьы.

„Иара ҷкәына заҵәык диман, сабду - Бако Белқаниа. Ефе, иара иҷкәын аиҳабыра ҿыц дырҿагылар иҭахымызт. Аха, нас, саб саниазҵаа сабду дызхдырҟьеи ҳәа, аҭак ҟаиҵеит – аконтрреволиуциатә усура далахәын ҳәа.
Сабду Отобаиа аферма дахагылан, аха уаҟа арахә иҧсуа иалагеит. Сабду асаботаж ихарарҵеит. Аха, ишеилкаахаз ала, ари ахарадҵара ашьаҭа ала ахгара иқәҵара ҟаломызт“, – иаҳзеиҭалҳәеит Бако Белқаниа имаҭа.

Иаҳа иџьбароу азыӡба здызкылар зҭахыз асоветтә напхгара асаботаж ахарадҵара рзымхеит. Убри аҟынтә – Бако Белқаниа иуа гәакьа, усҟан ақәылаҩ иеиҧш абнаҿ инхоз, дааныркылар ҳәа дшәаны ицәырымҵуаз хаҵак ажәалагала ирҭеит. Аҭагылазаашьа абас акәын ишыҟаз – Бако Белқаниеи ҩыџьа иаб иашьаиҧацәеи асоветтә напхгара ишырҿагылоу узышьақәырҕәҕәар, ухы уақәиҭхоит ҳәа иарҳәеит. Убасҵәҟьа иҟалеит:

„Сабдуи ҩыџьа иаб иашьаиҧацәеи рыцәгьа иҳәеит. Урҭ излаҟамыз рзиҳәан, амчра ҿыц иаҿагыланы аус шыруаз шьақәзырҕәҕәоз афактқәа цәыригеит. Рыхҩыкгьы ихыргеит. Нас ишеилаҳкааз ала, ҩыџьа ракәын ихыргаз, сабду дыршьит. Егьырҭ ахгараҿы иҭахеит. Хҩык рҟынтәи аӡәгьы дыхнымҳәит. Ани ацәгьаҳәаҩы иҭаацәара дырзыхынҳәит. Уи сабду иуа гәакьа иакәын. Уажәы имаҭацәеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиоуп, ауацәа реиҧш ҳаибабоит, » - иаҳзеиҭалҳәеит Русико Белқаниа.

1937 шықәсазы, Боко Белқаниа даныршь ашьҭахь, абольшевикцәа ирзааигәахарц зҭахыз ақыҭауаа Боко иҭаацәара цәгьала ирызныҟәон. «Ажәлар раҕацәа» реиҧш ирыхәаҧшуан:

«Аандагьы еимырхит. Санду лҟынтә издыруеит. Уи анеиҭалҳәоз сара схәыҷын. Аанда еимыхны, амҿы еиҧш рхы иадырхәон, ақыҭаҿы амҿы иҟамызшәа. Сабдуи ҩыџьа иаб иашьаиҧацәеи рыцәгьа зҳәаз ахаҵа дааны аҳәеи аҳәаҵысқәеи игон...Иара иманы дцон, санду акгьы лзыҳәомызт».

Жениа Ҵиҵава лыҧсҭазаараҿы лыҧшәмеи ҩыџьа иаб иашьаиҧацәеи ирзыруз арепрессиа мацара акәӡам рыцҳарас дзықәшәаз. Лыҧшәма ишьра ашьҭахь лыҧсҭазаашьа иаҳа ихьанҭахеит.

Боко Белқаниа данааныркыла ашьҭахь шықәсык анҵы, 1938 шықәса лаҵара 20 рзы лыҷкәын аррахь дыргеит. Нас, иара Аҩбатәи адунеитә еибашьра далахәын, уаҟа ихьанҭаӡаз 900 мшы мҩаҧигеит. Ахәрақәа хҧа иман. Ақыҭахь данааи, 9 шықәса зхыҵуаз иаҳәшьа аршра ачымазара дшагаз,16 шықәса зхыҵуаз иашьа - аменингит дшагаз еиликааит.

Русико Белқаниа ишылҳәаз ала, асоветтә мчра ахаҭарнакцәа иҭаацәара зегьы иқәырхит. Лаби ландуи рымацара роуп иаанхаз, ланду усҟан цәгьала игәаҟуаз лаҳәшьа лыҧҳа ҧҳас дҟаҵаны длааӡон.

Бако Белқаниа ихылҵ рҟынтәи зыҧсы ҭаны иаанхаз ахаҵа заҵәы Отобаиа анхара ицәыуадаҩхеит, избанзар уаҟа иаб ицәгьа зҳәаз иуа дынхон. Убри аҟынтә, иара аҧҳәыс дааиган, 1959 шықәсазы Аҧсны дықәҵны, Жәыргьыҭҟа анхра диасит:

«Санду ибзиаҵәҟьаны дысгәалашәоит. Лара ахаан ари атема далацәажәомызт, избанзар лхаҵеи ҩыџьа лҧацәеи арҭ ахҭысқәа ирылаӡит. Лара илҳәон – аҵла иҩаргьы, џьара амахәы иаҵәак аанхоит, бабгьы убас ауп дшыҟоу. Уи сгәалашәар сҭахым, аӡәы далацәажәар сҭахым ҳәа лҳәон. Санду ашәы шылшәыз лыҧсҭазаара далҵит. Абарҭ аҭоурыхқәа зегьы нырцәҟьа илгеит».

Русико Белқаниа лгәаанагарала, Бако Белқаниа ишьра ала аӡәы заҵәык иакәӡам арепрессиа ззыруз. Ари арыцҳара иара иҭаацәарагьы ирыдкьыслеит, уи ихылҵ иахьагьы ари арыцҳара ашьаҭа рнубаалоит.

„Абри зегьы даараӡа ихьанҭоуп, узхылҵыз ауаҩы дшыбжьаӡыз анудыруа, аха иҧеиҧшхаз нузымдыруа. Аибашьра еилгом, аибашьра агенетикала иасуеит. Аибашьраан аӡәы заҵәык иакәӡам иҭахо, аибашьра иара ихылҵ рзгьы анырра цәгьа амоуп. Арепрессиақәагьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу. Уигьы еибашьроуп, уаҳа акымзаракгьы“, - илҳәеит Русико Белқаниа.

Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
„Абас ауп с-Дуда аусқәа шыҟоу, сбыкәахшоуп, бҭагылазаашьа шыцәгьоу
здыруеит,
12:52 / 30.11.2020
„Абас ауп с-Дуда аусқәа шыҟоу, сбыкәахшоуп, бҭагылазаашьа шыцәгьоу здыруеит,
Иаб данхырга ҧшьышықәса ихыҵуан. 25 шықәса дизыҧшын.
18:08 / 13.11.2020
Иаб данхырга ҧшьышықәса ихыҵуан. 25 шықәса дизыҧшын.
1951 шықәса ҧхынҷкәын азы Аҧсны, Набакеви ақыҭаҿ инхоз Ехваиаа
ирарҳәеит 
14:08 / 25.09.2020
1951 шықәса ҧхынҷкәын азы Аҧсны, Набакеви ақыҭаҿ инхоз Ехваиаа ирарҳәеит 
В селе Ахути Чхороцкуйского муниципалитета, «утопая» в зелени,
09:18 / 13.06.2020
В селе Ахути Чхороцкуйского муниципалитета, «утопая» в зелени,
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала