Акультурa
Аоператә ашәаҳәаҩ лымҩа Аҧснынтә Европанӡа [авидео]
Еицырдыруа акинорежиссиор Мартин Скорсезе идокументалтә фильм аҿы дҭырхит ақырҭуа оператә ашәаҳәаҩ Саломе Џьиқиа. Лара Зақариа Ҧалиашвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә оператә театр асолист лоуп, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиуеиҧшым атеатрқәа рҿы дықәгылоит. Ашәаҳәаҩ „Лаивпресс“ акорреспондент илзеиҭалҳәеит Европанӡа дназгаз амҩа иазкны.

Саломе Џьиқиа: Сара Жәыргьыҭ сиит, сан дАҟәатәиуп, сабгьы Жәыргьыҭ диит, аха, бжеиҳарала, Аҟәа ҳанхон, избанзар саҳәшьцәа рыхҩыкгьы Аҟәа аҵара рҵон. Аҧснытәи аибашьра ашьҭахь Қарҭҟа анхара ҳаиасит. Амузыкатә школ ҷыда аҿы аҵара назыгӡеит. Схәыҷра зегьы афортепиано иадҳәалоуп, иҵааршәыраз аклассқәа сгәалашәоит, аконцерт аҧхьа ҳқыџьқыџьуа, ахьҭа ҳшакуаз сгәалашәоит, афортепиано арҳәара ҳцәыуадаҩын, избанзар, усҟан аҭагылазаашьа цәгьан.

Лаивпресс: Ашәаҳәара шәаналага ишәхыҵуази?

Саломе Џьиқиа: Сара аконсерваториа ахҧатәи акурс аҿы сантәаз ауп ашәаҳәара саналага. Хәыҷы-хәыҷла еилыскаауан сыҧсҭазаара зегьы ашәаҳәара иазыскыр шысҭахыз. Ус егьыҟасҵеит.

Лаипресс: Иарбан етапу шәкариераҿы зегьы реиҳа зҵакы дууз?

Саломе Џьиқиа: Сара сзы аҵакы ду аман Европаҟа раҧхьатәи сдәықәлара, усҟан «Сан Чечилиа» академиаҿы, еицырдыруа ашәаҳәаҩ Рената Скотто урокқәак сылҭеит. Анеҩс, Россини ифестиваль ашҟа сыргеит, сара, апартиа хада ала, абри зҵакы дуу афестиваль аасыртит. Убри ашьҭахь ауп ашәаҳәаҩ лаҳасаб ала скариера ианалага, ажәалагалақәеи аилаӡарақәеи соуа салагеит, аменеџьер дсымоуп, Алессандро Ариоззи, иара Пласидо Доминго иагент иоуп. Ас еиҧш иҟоу агент дахьсымоу асықәҿиеит ҳәа исыҧхьаӡоит.

Лаивпресс: Еицырдыруа арежиссиор Мартин Скорсезе ифильм аҿы шәышҧананага?

Саломе Џьиқиа: Скорсезе идокументалтә фильм аҿы сылахәызаара италиатәи аган ирыбзоуроуп, избанзар урҭ амеццо сопрано рҭахын, здиапазон дуу ашәаҳәаҩ дырҭахын. Сара Россини имузыка сазҿлымҳауп, срепертуар аҿы ас еиҧш иҟоу амузыка рацәоуп.

Ари адокументалтә фильм америкатә культура аҿиараҿы аемигрантцәа инарыгӡо ароль иазкуп. Скорсезе Сан Патрик ихьӡала иҟоу аныхабаа ахор интересс иман, избанзар иара ихаҭагьы абри алагылазаараҿы изҳаит. Сан Патрик ихьӡала иҟоу аныхабаа аҿы 200 шықәса раҧхьа, америкатә азыӡырҩцәа рзы, раҧхьаӡа акәны италиатәи амузыка нарыгӡеит. Уаҟа ашәа лҳәон зеиҧшҟамлац ала здиапазон дууз раҧхьатәи аоператә дива Мариа Малибрани. Афильм апремиера мҩаҧысуеит ажьырныҳәа анҵәамҭазы, Санта - Барбра имҩаҧысраны иҟоу жәларбжьратәи акинофестиваль аҿы.

Лаивпресс: Ҳаҧхьаҟазы планқәас ишәымои?

Саломе Џьиқиа: Хәажәкыра 22 рзы Вена адебиут сымоуп, лаҵарамзазы Миунхен сықәгылоит, ҭагалан Циурих, аха, зегьы реиҳа ихадоу ахҭыс уаанӡа иҟалоит, жәабран анҵәамҭазы ма хәажәкыра алагамҭазы ахылҵ дсоуеит.

Авидео аҿы ашәаҳәаҩ иналыгӡоит Семирамида лпартиа Џьоаккино Россини иопера аҟынтә.