Наҭиа Ҭодуа лклип Румынтәыла имҩаҧысуаз афестиваль аҿы 2 номинациак рҿы аиааира агеит [авидео]
Румынтәыла имҩаҧысуаз афестиваль - "12 мза" аҿы, Аҧснынтә ахҵәа
Наҭиа Ҭодуа
2 номинациак рҿы аиааира лгеит. "Абзиабаратә шәҟәы" захьӡу аклип
актәи аҭыҧ ааннакылеит "иреиҕьу амузыкатә видео"-и "аудиториа
иҟарҵаз алхра"-и аноминациақәа рҿы. "Аҩызцәа, ҭабуп ҳәа шәасҳәоит
ҳвидео шәыбжьқәа ахьашәҭаз азыҳәан!", - илҩит ашәаҳәаҩ Феисбуқ
адаҟьаҿы зафестиваль аҿы аиааира анылга ашьҭахь.
Иуҭуб аҿы авидео аларҵәара аиуит ажьырныҳәа 14 рзы, уи иахәаҧшхьеит 60 нызқьҩык ауааҧсыра.

Альбом "Угәхьаазгоит" аӡыргара мҩаҧысит ажьырныҳәа 10 рзы, Берлин ақалақь аҿы. Ари альбом иалоуп афестиваль аҿы аиааира згаз ашәагьы. Альбом аус адулара иалагеит ҩышықәса раҧхьа, ҵыҧх лаҵарамзазы альбом ҭрыжьит. Аҭыжьымҭа иалоуп англыз бызшәала иҩу 12 ашәақәа, аблиузи, рок-н-ролли, поп-роки ажанрқәа рҿы. Ашәақәак Наҭиа Ҭодуа лхаҭа илҩит.
"Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз ашәаҳәаҩ ишылҳәаз ала, ашәа - "Абзиабаратә шәҟәы" азы аклип ҭырхит Берлин, аҟазацәа рвиллаҿы. Аклип ҭихит еицырдыруа анемец режиссиор Тоби Вульфа. Авидео аҭыхра ианалга, ари аусумҭа еиуеиҧшым афестивальқәа рҿы ицәыригар иҭаххеит.

"Иара абри аҩыза амузыкатә видеонҵамҭақәа рзы аконкурс ахьрылаҳәаз акинофестивальқәа рсиа иҧшааит. Абри аҩыза афестиваль аҿы аиааира акәым, ус баша алахәызаарагьы сара сзы иус дууп ҳәа исыҧхьаӡоит. Уи агәызҭаҵагас исзыҟалеит, схы самеигӡакәа скариера арҿиара сҽазыскуеит", - илҳәеит Наҭиа Ҭодуа.
Лара лажәақәа рыла, уажәазы, Германтәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы, лхатә альбом азы промо концертқәа мҩаҧылгоит. Ари аус аҿы илыцхраауеит Германтәыла инхо хаҵеи-ҧҳәыси Раинер Шмити Наҭиа Мхеиӡе-Шмити. Наҭиа ишылҳәаз ала, лани лаби ракәызшәа, убас илхылаҧшуеит, зегьы рыла илыцхраауеит.

"Ҳара иҵегьы имаҷымкәа ақәҿиарақәа ҳзаазгаша аус бзиақәа еицыҟаҳҵап ҳәа сгәыҕуеит. Абзиабароуп мчыс иҟоу!", - илҳәеит Наҭиа.
"Лаивпресс" акорреспондент ашәаҳәаҩ лҟны аинтервиу анылҵеит ҵыҧх, рашәарамзазы.
Наҭиа Ҭодуа Германтәылатәи «Воис» аҿы аиааира лгеит.