Акультурa
Аҩычагаҿы иаарҧшу ашәануатә бзиабара аҭоурых [афото]
Шәантәыла иҟоу „Абзиабара абааш“ иазкны имаҷымкәа алегендақәа иҟоуп. Легендак инақәыршәаны, Кала захьӡу аҭыҧ аҿы, Квирикоба аныҳәамш азы, Миагул ҧшӡа, раҧхьаӡа акәны Отиа Маргвелани дылбеит. Иара дхаҵа гәымшәан дшәарыцаҩ бзиан.

Дара бзиа еибабеит, аха ахаҵа дҭаацәаран, аҧҳәыс диман, ихылҵгьы иҟан. Данышәарыцоз, Егры аӡиас дҭаҳан, аӡы дагеит. Иҧҳәыс ари арыцҳара лызхымгакәа, ларгьы аӡиас лҽалҭеит. Ишырҳәо ала, дара акалмаҳа рылҵит.

Миагули лаб, Егры агәҭаны игылаз ашьаҟаҿы абааш лызиргылеит. Ишырҳәо ала, Миагули ҧшӡа, лыҧсы ахьынӡаҭаз, уаҟа лҽыҩнакны дынхон, икалмаҳақәахаз Отиеи иҧҳәыси зны-зынла лнапала акрырҿалҵон.

Адизаинер Наҭиа Арвелаӡе абзиабара иазку ари алегенда аҩычагаҿы иаалырҧшит.

„Ҵыҧхцәа, раҧхьаӡа акәны, Шәантәыла снеит. Избаз зегьы убас сцәа ианырит, егьырҭгьы идсырдырыр сҭаххеит. Ак аҧысҵарц сыӡбеит. Бжеиҳарала, аҩычагақәа роуп иҟасҵо, убри аҟынтә, абзиабара абааш иазку ашәануатә легенда ашәануа аныхаҩырала иаасырҧшит.

Араӡни аемали ирылхны аҩычагақәа рколлекциа ҟасҵеит, „С-Ламариа“ ҳәа ахьӡ аҭаны, - илҳәеит адизаинер.
Афото Давиҭ Ерисҭави.

Ашәануатә темазы иаҧҵоу аҩычагақәа рнеҩс, абзиабара атемазы даҽа коллекциак ҟалҵеит -„Абжьас-цәа зшәу“ асиужет ашьаҭа ала.

„Абжьас-цәа зшәу“ иаҳа ҭакҧхықәрала сазнеит, избанзар ари атемазы здаҟам аиллиустрациақәа иҟоуп, аха , аҩычагаҿы уаанӡа аӡәгьы иҟаимҵацызт. Нестан лымҵарсреи реиҧылареи асценақәа иаҧысҵеит. Аусуратә процесс уадаҩын, избанзар аҩычага хәыҷуп, атекст ду аасырҧшратәы алшара снаҭомызт. Акыраамҭа аескизқәа аус рыдызулон, нас, ҧыҭҩык аҟазаҩцәа сыцырхрааны, иҟасҵеит“.

10 шықәса ҵуеит Наҭиа Арвелаӡе Қарҭ лхатә ателие лымоижьҭеи. Амаҭәеи аҩычагақәеи ҟалҵоит, амода амчыбжьқәа дрылахәып.