Covid-19 аҿагылара инамаданы имҩаҧгаз адунеитә концерт аҿы еицциз ақырҭуа аиаҳәшьцәа ашәа рҳәеит [авидео]
Аиаҳәшьцәа Ҭеиеи Лианеи Шенгелаиаа, Covid-19 аҿагылара инамаданы
имҩаҧгаз адунеитә концерт аҿы Қырҭтәыла ахьӡала иқәгылеит.
Анахарала имҩаҧгаз аконцерт агәыҳалалратә ҟазшьа аман. Уи рхы аладырхәит адунеи еицырдыруа амузыкантцәа.

„Адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҿы инхо амузыканцәа, аҩнынтә, анахарала ари аконцерт рхы аладырхәит. Ҳаргьы, аҩнынтә, еиуеиҧшым арҳәагақәа ҳхы иархәаны, шәақәак наҳагӡеит. Арҭ ашәақәа иреиун апандемиа аан иаҧаҳҵаз ашәа ҿыцқәа ҩба. Џьанмо ифонд авебдаҟьаҿы иҟаз афандраизер азхьарҧш иҭагалатәын. Уи ала ажәлар ирыбжьаагон ҳпост иҭаланы, агәыҳалалратә акциа рхы аладырхәырц. Ҳара апандемиа иаҿагылоу ақәҧара аан амузыкала ҳҳәатәы ҳҳәеит“, - иаҳзеиҭалҳәеит Ҭеа Шенгелаиа.
Еицииз аиаҳәшьцәа рҭаацәа жыргьыҭтәиқәоуп. Ҭеа ишылҳәо ала, 90-тәи ашықәсқәка рзы, ишынҭаҳцәараз, Еиду Араҧстәи Емиратқәа рахь анхара иасын, 27 шықәса уаҟа инхон.
Аиаҳәшьцәа, Қарҭтәи амедицинатә университет иалгеит, атәым бызшәала аҵара рҵон. Амагистратура Лондон иахысит. Уажәы Қырҭтәыла инхоит.

Европа арҭ аиаҳәшьцәа ибзианы ирдыруеит абенд „Еицииз ахәшәтәҩцәа“ (Healer Twins) ахьӡала. Дара иакымкәа альбомқәа ҭрыжьхьеит. Ашәақәа ртекстәқеи рмузыкеи рхала ирыҩуеит.
2015 шықәсазы аиаҳәшьцәа голливудтәи афильм „Аеҵәақәа реибашьра“ абжьбатәи аепизод аҿы иҭырхит.
Уажәазы Ҭеа атуберкулиаз жәларбжьаратәи аҭҵааразы аус луеит. Ишылҳәо ала, лзанааҭ инаваргыланы, акинои амузыкеи ахырхарҭалагьы аусура налыгӡоит.